Иракли Кобахиӡе  - Сгәы ишаанаго ала, аӡәызаҵәык иоуп асанкциақәа ззышьақәдыргыло, - уи Арахамиа ихаҭа иоуп
Иракли Кобахиӡе  - Сгәы ишаанаго ала, аӡәызаҵәык иоуп асанкциақәа ззышьақәдыргыло, - уи Арахамиа ихаҭа иоуп

«Сгәы ишаанаго ала, аӡәызаҵәык иоуп асанкциақәа ззышьақәдыргыло, – уи Арахамиа ихаҭа иоуп. Иара Украина иазааицаз азыҳәан аукриан жәлар дахьдырхәоит», — иҳәеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла,  Арахамиа аусқәа рацәа рзы аҭакҧхықәра идуп.

«Ари ауаҩы дызусҭоу зегьы ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит. Сгәы ишаанаго ала, аӡәызаҵәык иоуп асанкциақәа ззышьақәдыргыло, – уи Арахамиа ихаҭа иоуп. Аукраина жәлар асанкциақәа изышьақәдыргылоит иара Украина иазааицаз азыҳәан. Иара иажәақәа рыхцәажәара ҳгәы иҭам», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.

Украинатәи Радаҿ афракциа  “Ажәлар рмаҵзуҩы” алидер Давид Арахамиа  иацы “Мҭавари архи” аинтервиу аҿы иҳәеит: «Аҷкәынцәа, гәаартыла ишәасҳәоит, шәҳәамҭақәа шәрызхәыц,  Иванишвили заҵә иакәӡам асанкциақәа ззышьақәдыргыло,  абизнесменцәагьы  аполитикцәагьы асанциақәа рзышьақәыргылар ҟалап».

Иара убас, иара ишиҳәаз ала,   евроинтеграциа апроцесс аҿы атәыла дацхраарц азыҳәан,   ақырҭуа политикцәеи европатәи алидерцәеи рыбжьара аимадара ашьақәыргыларазы Қырҭтәыла аҭаара дазыхиоуп.

Арахамиа иҳәамҭала,  «Биӡина  Иванишвили иара ихала ҭынч дымцар, уезгьы дықәырцоит, аха уи ҟалоит ареволиуциала, ма мчыла».