Давид Арахамиа – Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рылацәажәара ҟалоит  2023 шықәса аҩбатәи азбжазы
Давид Арахамиа – Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рылацәажәара ҟалоит  2023 шықәса аҩбатәи азбжазы

Украина анапхгаратә партиа алидер Давид Арахамиа иҳәамҭала,   Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы алшара ҟалар ауеит  2023 шықәса аҩбатәи азбжазы.  Арахамиа ари атәы иҩит  Telegram аҿы.

«Аиашаз, сгәы ишаанаго ала,  абри аҩыза алшара ҟалоит Америкагьы Урыстәылагьы аелекторалтә циклқәа ианалаго, иааиуа ашықәс аҩбатәи азбжазы, избанзар, усҟан Америка апрезиденттә алхрақәа мҩаҧысуеит. Насгьы,   2024 шықәсазы Урыстәылагьы алхрақәа мҩаҧысуеит. Дара рызынтәгьы аполитикатә ганахьала ак аадырҧшыр рҭаххоит.

Путин изакәызаалак арратә қәҿиарак дзалацәажәом ҳәа сгәы иаанагоит, убри аҟынтә, иара адипломатиатә ганахьала иуаажәлар аихьӡарақәак рзааирҧшыр иҭаххоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Арахамиа.