Давид Арахамиа - Қырҭтәыла алхрақәа рышьҭахь ари анапхгара шыҟамло агәраганы сыҟоуп
Давид Арахамиа - Қырҭтәыла алхрақәа рышьҭахь ари анапхгара шыҟамло агәраганы сыҟоуп

Вахтанг Кикабиӡе аԥсшәа иасҳәарц азы Қырҭтәыла саҭаар сҭахын, аха аҳәааҿ ауадаҩрақәа ҟалоит ҳәа сарҳәеит, – иҳәеит Украина Рада афракциа “Жәлар рымаҵуҩы” ахантәаҩы Давид Арахамиа “Мҭавари архи” аинтервиу аҿы.

„Агәҽанҵара сырҭеит. Аҳәаа ахысраан ауадаҩрақәа ицәырҵыр  ҟаларын, аскандал ду ҟалон, америкаа исыҳәеит сымцар. Қырҭтәыла алхрақәа рышьҭахь ари анапхгара шыҟамло агәраганы сыҟоуп, ақырҭуа жәлар ари анапхгара уаҳа ирзычҳауам, ма амч ҿыц ицәырҵуеит ма акоалициа шьақәгылоит. Иванишвили жәашықәса иреиҳаны дыҟоуп, уи ҳагьҳәынҭқарым, дагьмонархым, дагьдиктаторым. Ари аҭагылазаашьа ԥсаххоит. Аха анапхгараҿ иаанхарц азы ирылшо зегь ҟарҵоит, азакәанԥҵаратә аҩаҿараҿгьы. Ақырҭуа жәлар уи иқәнаго аҭак ирҭап ҳәа сақәӷәыӷуеит“, – иҳәеи Арахамиа.