Иракли Кобахиӡе – Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц лхаан ҧаса иҟаз апроблемақәа зегьы иӡбахап  ҳәа сгәыҕуеит
Иракли Кобахиӡе – Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц лхаан ҧаса иҟаз апроблемақәа зегьы иӡбахап  ҳәа сгәыҕуеит

«Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц лхаан ҧаса иҟаз апроблемақәа зегьы иӡбахап  ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, атәыла анапхгара Америка ацҳаражәҳәаҩ лҟны қәҿиарала аусеицура иазҿлымҳауп.

«Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц лхаан ҧаса иҟаз апроблемақәа зегьы иӡбахап  ҳәа сгәыҕуеит. Ҳара абри аҩыза аусеицура ҳазыхиоуп,  абри аҩыза аусеицура еиқәҳаршәоит. Асанкциақәа реилагара азҵаара иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, жәларбжьаратәи ауаажәларра иазхарҵеит абри аҩыза афактқәа шыҟам, аха, Украина анапхгареи Қырҭтәыла арадикалтә оппозициеи ахаҭарнакцәа, уезгьы уи ҳхарарҵоит. Афактқәа рыла ишьақәырҕәҕәоуп уи еиҧш апрецедент шыҟамыз», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Америка ахада Џьо Баиден Қырҭтәылаҿ Америка ацҳаражәҳәаҩ иҭаҧаз Робин Данниган лкандидатура иқәиргылеит.