Иракли Кобахиӡе  -  Ҳара Евроеидгыла ишьақәнаргылаз 12 пунктқәа рынагӡаразы аплан цәыраагеит, уи ариашара аҭахым
Иракли Кобахиӡе  -  Ҳара Евроеидгыла ишьақәнаргылаз 12 пунктқәа рынагӡаразы аплан цәыраагеит, уи ариашара аҭахым

Апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахидзе ишиҳәаз ала,  Евроеидгыла ишьақәнаргылаз 12 пунктқәа рынагӡаразы напхгаратә гәыҧ еиқәдыршәаз  аплан ариашаразы аобиективтә мзызқәа иҟам.

«Ҳара Евроеидгыла ишьақәнаргылаз 12 пунктқәа рынагӡаразы аплан цәыраагеит, уи ариашара аҭахым. Аплан аҿы инарҭбааны арбоуп аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа зегьы.  Аплан иадҳәаланы изакәызаалак зҵаарак иҟам.   Иҟаҵатәугьы,  ианыҟаҵатәугьы,   иҟазҵашагьы  зегьы инарҭбааны иарбоуп. Убри аҟынтә,  аплан ариашаразы изакәызаалак мзызк иҟам», — иҳәеит Кобахиӡе Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭараҿы.

Иара ишиҳәаз ала,  уажәраанӡа аоппонентцәа  аҳәара иаҿын  зыӡбахәы ҳәоу апунктқәа рынагӡаразы атехникатә еиҳабыра еиҿкаатәуп ҳәа,  уажәы аусуратә гәыҧқәа реиҿкаара рҭахым.

Кобахиӡе иҳәамҭала,  ҧхынҷкәын анҵәамҭазы ажәлар лабҿаба ирбоит атәыла аиҳабыра ари азҵаара ҧакҧхықәра дула ишазнеиз, аҿҳәара иахымгакәа аҳәарақәа зегьы шынарыгӡо.