«Сгы шаанаго ала, Қарҭ иҭыԥ азы Каха Калаӡе икандидатура альтернатива амаӡам», — иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ари азҵаара иадҳәаланы ипозициа изныкымкәа ааирԥшхьеит.
Аԥыза-министр Гьаргь Габиташвили Аудитор хадас иалхра дахцәажәеит.
Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, Гьаргь Габиташвили – ҳаҭыр зқәу ауаҩы иоуп, убри азоуп атәыла аудитор хадас дзалырхуа.