Иракли Кобахиӡе Португалиатәи ареспубликаҿы ҿыц иқәыргылоу ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Португалиатәи ареспубликаҿы ҿыц иқәыргылоу ацҳаражәҳәаҩ Леван Ҵурҵумиа диҧылеит.
Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Португалиеи реизыҟазаашьақәеи, наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы Леван Ҵурҵумиа амаҵзураҭыҧ ҿыц идиныҳәаланы, иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Леван Ҵурҵумиа акыршықәса ирылагӡаны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус иуан. Еиуеиҧшым аамҭазы Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭеи ҚУАМ аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнакреи рҿы зымч наӡоу адеспанс дыҟан, иара убас, Жәларбжьаратәи азинтә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩс аус иуан. Амшын еиқәа аекономикатә усеицҵура аиҿкаараҿы адепартамент адиректор ихаҭыҧуаҩ иҭыҧ ааникылон.