Иракли Кобахиӡе  - Ҳара асанкциақәа ирыдҳәаланы агәҩарақәа ҳазцәырҵит, аха, уи алацәажәара ҳҭахым, избанзар ари атема  изакәызаалак ҵакык амам
Иракли Кобахиӡе  - Ҳара асанкциақәа ирыдҳәаланы агәҩарақәа ҳазцәырҵит, аха, уи алацәажәара ҳҭахым, избанзар ари атема  изакәызаалак ҵакык амам

«Ари атема изакәызаалак ҵакык амам, уи алацәажәара иахәҭам.  Украина анапхгара аконкреттә хаҭарнакцәақәак ари азҵаара иадҳәаланы иҟарҵаз аҳәамҭақәа ҳгәалашәоит. Араҟа иҿыцу акгьы ҳмаҳаит», — иҳәеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе украинатәи апорталк аҿы икьыҧхьыз асиақәа ирызкны ианиазҵаа.

Лыымкаала, украинатәи асаит  — sanctions.nazk.gov.ua аҿы икьыҧхьуп макьана асанкциақәа ззышьақәыргылам афизикатә хаҿқәа ирызку адыррақәа. Урҭ иреиуп  Леван Васаӡе, Оҭар Фарцхалаӡе, Сулхан Папашвили, Давиҭ Хидашели, Вано Чхартишвили, Тате Мамацашвили, Уча Мамацашвили, Гьаргь  Капанаӡе, Иракли Рухаӡе, Қеҭеван Хараиӡе, Алеқсандр Иванишвили, Биӡина  Иванишвили.

Кобахиӡе иҳәамҭала, ари атема ахцәажәара рҭахым, избанзар, уи абсурдуп.

«Абри аҳәара иқәиргылеит рлидерцәа иреиу Арахамиагьы. Иҿыцу акгьы ҳмаҳаит. Асанкциақәа ирыдҳәаланы гәҩарақәак ҳамоуп, аха уи алацәажәара ҳҭахым. Жәакала иуҳәозар, ари атема алацәажәара ҳҭахым, избанзар уи абсурдуп», — иҳәеит  Кобахиӡе.