Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аҧсылманцәа Курбан-баирам аныҳәа рыдиныҳәалеит.
Қарҭтәи Џьума-аџьамааҿы аԥыза-министр дицын Арелигиа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә агентра ахантәаҩы Заза Вашаҟмаӡе.
Арелигиа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә агентра ахантәаҩы Заза Вашаҟмаӡеи, иара аҧсылманцәа аныҳәа ду рыдиныҳәалеит. Иара убас, Џьума-аџьамааҿы еизаз аҧсылманцәа рҿаҧхьа иқәгылеит Мрагыларатә Қырҭтәыла амуфҭ Етибар Еминови Қырҭтәыла аҧсылманцәа русбарҭа ашеих Фаиг Набиеви. Баирам аныҳәа инамаданы имҩаԥгаз аныҳәара рхы аладырхәит адипклормус хаҭарнакцәа.