Иракли Кобахиӡе - Агәра ганы сыҟоуп Гела Гелаӡе ҳтәыла хырҳагара ду шазааиго
Иракли Кобахиӡе - Агәра ганы сыҟоуп Гела Гелаӡе ҳтәыла хырҳагара ду шазааиго

Аилатәараҿы аҧыза-министр, раҧхьаӡа акәны аиҳабыра реилатәара иалахәыз аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

„Иахьа раҧхьаӡа акәны аиҳабыра реилатәара иалахәы ҳаҭыр зқәу Гека Гелаӡе салам исҭоит. Аҭакҧхықәра ду зцу абри амаҵзураҭыҧ аҿы ақәҿиарақәа изеиҕьасшьар сҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп иара ҳтәыла хырҳагара ду шазааиго. Даҽазнык ақәҿиарақәа изеиҕьасшьоит.

Ҳаҭыр зқәу Вахтанг Гомелауригьы ақәҿиарақәа изеиҕьашьаны, акыршықәса ирылагӡаны намысла ҳтәыла амаҵ ауразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.