Иракли Кобахиӡе Аекономикеи иҭышәынәталоу аҿиареи рзы аминистрра аусуҩцәа аминистр ҿыц Мариам Қвривишвили дыдирырит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аекоомикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аусуҩцәа аминистр ҿыц Мариам Қвривишвили дрыдигалеит.
Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аусуҩцәа данырҧылоз аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык Леван Давиҭашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аминистрс даныҟаз аамҭазы имҩаҧигаз аусура азыҳәан, нас, ишиҳәаз ала, иара, аҧыза-министр иекономикатә абжьагаҩ хадеи Аекономикатә хеилак амаӡаныҟәгаҩи раҳасабала, наҟ-наҟгьы атәыла аекономикатә аҿиара аус далахәызаауеит.
Иракли Кобахиӡе Мариам Қвривишвили ақәҿиарақәа лзеиҕьашьаны, ишиҳәаз ала, аиҳабыра, наҟ-наҟгьы аекономика арҕәҕәара азҵаара хшыҩзышьҭра ду азыруеит.