Иракли Кобахиӡе - Аҭынчроуп ҳара алшара ҳазҭаз ҳтәылаҿы арегионқәа зегьы еиҟараны асоциал-економикатә аҿиара рзеиқәыршәаразы
Қарҭтәи афорум агәаанагарақәа реиҭныҧсахларазы еснагь, аинтерес зҵоу платформас иҟан, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Иҭышәынтәалоу аҿиара Қарҭтәи арегионалтә форум аҿы данықәгылоз.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, ари аусмҩаҧгатә еиуеиҧшым атемақәа рзы адискуссиақәа рымҩаҧгаразы аплатформа бзиа еиқәнаршәоит. Сынтәатәи атема – аҭынчреи мышхәыбзазара аиқәыршәареи асоциал-економикатә аҿиареи рҿы аҭынчра ароли – зеиҧшҟамлац ала зҵакы дуу темоуп.
“Сынтәатәи атема – аҭынчреи мышхәыбзазара аиқәыршәареи асоциал-економикатә аҿиареи рҿы аҭынчра ароли – зеиҧшҟамлац ала зҵакы дуу темоуп.
Ари аусмҩаҧгатә аҿы хшыҩзышьҭра рызуп арегион аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа. Ҳәарада, араагьы аҭынчра аҵакы ҷыда анашьоуп. Аҭынчроуп ҳара алшара ҳазҭаз ҳтәылаҿы арегионқәа зегьы еиҟараны асоциал-економикатә аҿиара рзеиқәыршәаразы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари аганахьала апрогресс ду ҳамоуп. Ари аконференциа иалахәып ҳгәылара иҟоу аҳәынҭқаррақәа, ақалақьқәа рхаҭарнакцәеи, 40 ҩык раҟара аҭыҧантәи амуниципалитетқәа рхадацәеи, Сакребуло ахантәаҩцәеи, уи аҵакы ду амоуп. Абри ахырхарҭала еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа аус рыцура аҵакы ду амоуп, ҷыдала – ҳрегионаҿ иҟоу атәылақәа рҟны“, – иҳәеит Кобахиӡе.