Иракли Кобахеӡе - Копенгагентәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, европатәи алидерцәа рҟны имҩаԥысуа аиԥыларақәа зегьрҿы ҳмилаҭтә интересқәа ҳрылацәажәоит
Иракли Кобахеӡе - Копенгагентәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, европатәи алидерцәа рҟны имҩаԥысуа аиԥыларақәа зегьрҿы ҳмилаҭтә интересқәа ҳрылацәажәоит

Аҵак ду змоу форматуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны европатәи алидерцәа ҳрцәажәар ҳалшоит. Иацы имҩаԥгаз уаххьаҿы алидерцәа ҳрацәажәеит, – Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европа аполитикатә аидҵара (EPC) асаммит иалагаанӡа ажурналистцәа данрацәажәоз.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аделегациа алахәылацәа европатәи алидерцәа ирацәажәоит атәыла евроинтерациа иазкны.

Иракли Кобахие ишазгәеиҭаз ала, апанельтә дискуссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аекономикатә интересқәеи атранзиттә потенциали дрылацәажәоит.

“Зехьынџьара ҳевропатәи интересқәа ҳрыхцәажәоит. Ари ҳадәныҟатәи политика ихадоу априоритетқәа иреиуп. Аҵак ду змоу форматуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны европатәи алидерцәа ҳрцәажәар ҳалшоит. Иацы имҩаԥгаз уаххьаҿы алидерцәа ҳрацәажәеит”,- иҳәеит Кобахиӡе.