Иракли Ҕарибашвили UNDP еснагьтәи ахаҭарнак  Ник Бересфорд диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили UNDP еснагьтәи ахаҭарнак  Ник Бересфорд диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли  Ҕарибашвили  Қырҭтәыла иҟоу  ЕАР аҿиара апрограмма  еснагьтәи ахаҭарнак Ник  Бересфорд диҧылеит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара Қырҭтәылеи  UNDP-и рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура иаҳа арҭбаара иазкын. Иаҵшьны иазгәаҭан  Қырҭтәыла имҩаҧысуа адемократиатә процессқәеи, аекономикатә аҿиареи, аҧсабаратә лагылазаареи, акризисқәа рҭыҧқәҵареи, акоронавирус аҿагылареи  аҿы  UNDP иҟанаҵо алагала ду.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа рынагӡаразы  UNDP аҟны аусеицура арҕәҕәара азҵаарагьы. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан 2030 шықәсанӡа иҭышәынтәалоу аҿиара аусхәаҧштә анагӡара иазку Қырҭтәыла аҽазышәарақәеи  ари адокумент атәылазы иамоу аҵаки.

Аиҧылараан хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵаразы Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аполитикеи. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҷыдала ирзааҭгылеит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы  UNDP ала имҩаҧгоу агуманитартә проектқәа, аҧыза-министр абарҭ апроектқәа рзы  UNDP ахаҭарнак ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.