Иракли Ҕарибашвили – Цәыббразы Америка ҵыхәаҧҵәала  Pfizer шьақәдырҕәҕәоит, уи иаанагоит Америка ауааҧсыра ихымҧадатәиу авакцинациа ахысра рықәшәоит ҳәа, иҳҭаху иҳҭахыму, ҳаргьы убасҵәҟьа иҟаҳҵар акәхоит

«Авакцинациа  ахылаҧшра аҭахуп, аиҳабыра абри апроцесс аҿы адгылара рҭахуп. Аелементартә пҟарақәа нагӡатәуп, асабрадақәа рныҟәгара, асоциалтә дистанциа ахьчара, ауаа рацәа рылахәызаарала ауснагӡатәқәа рымҩаҧгаразы мапкра, уҳәа, убас егьырҭгьы», — иҳәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Лагодехи амуниципалитет аҿы анапхгаратә партиа аҟынтә акандидат ажәлар данрыдигалоз.

Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, Америка иахьыҧшны, ауааҧсыра гәыҧқәак рзы ихымҧадатәиу авакцинациа шьақәдыргылар ҟалап.

«Америка – адунеи иҕәҕәаӡоу аҳәынҭқаррақәа иреиуп, цәыббразы дара ҵыхәаҧҵәала  Pfizer шьақәдырҕәҕәоит, уи иаанагоит Америка ауааҧсыра хымҧада авакцинациа ахысра рықәшәоит ҳәа, иҳҭаху иҳҭахыму, ҳаргьы убасҵәҟьа иҟаҳҵар акәхоит. Алаҵа ҟазымҵо ауаа лабҿаба ирбоит аҧсҭбара шацло. Убри аҟынтә, абри зегьы ҳацәцарцаз, хымҧада алаҵа ҟаҵатәуп», — иҳәеит аҧыза-министр.