Иракли Ҕарибашвили TAV Airports ахада Серқан Каптан диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили TAV Airports ахада Серқан Каптан диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  TAV Airports ахада Серқан Каптан диҧылеит. 

Аиҳабыра радминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз, аиҧылараҿы иалацәажәеит уажәазы аганқәа ирыбжьоу аусеицуреи, авиацәаҳәақәеи амаршрутқәеи ҿыцқәа реиқәыршәареи иадҳәалоу азҵаарақәа.   

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, апандемиа ашьҭахь, атуризм аиҭашьақәыргылара адинамика бзиа инаваргыланы, аҵакы ду амоуп асервисқәа реиҕьтәра азҵаарагьы.