Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Европа Ахеилак ахада Шарль Мишели иареи  аиҧылара бзиа мҩаҧыргеит.

Ҕарибашвили иажәақәа рыла,  раҧхьа иргыланы, иара Шарль Мишель аинформациа ииҭеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» рхы иадырҵаз аҧхықәрақәа рынагӡара иазкны.

«Раҧхьа иргыланы,  сара изеиҭасҳәеит ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа шынаҳагӡо. Сара иасҳәеит ҳара амотивациа шҳамоу, ари апроцесс ҳшахылаҧшуа.  Ҳара аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоу аҧхықәрақәа зегьы наҳагӡоит. Иара убас, ишисҳәаз ала, аоппозициаа реиҳара уажәгьы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарымҩыцт. Уи атәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иаҧырхагоуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибавшили.