Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель диҧылеит. Аҧыза-министр Мадрид ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда азун Қырҭтәыла европатәи аперспектива. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, европатәи аперспектива анашьара иазку аӡбара Қырҭтәылазы аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Убри ала Европатәи ахеилаки Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәеи ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла аҧеиҧш Евроеидгыла ишадҳәалоу.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра активла аус руеит Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиура амзызла Еврокомиссиантә ироуз абжьагарақәа рынагӡаразы.
Аҧыза-министр иҳәамҭала, атәыла евроинтеграциа – иарбанызаалак еиҳабырак мацара ракәымкәа, ақырҭуа жәлар рыӡбароуп. Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аҿы иара хаҭала иҟаиҵаз алагала дуи Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара адгылареи азыҳәан.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Украина имҩаҧысуа аибашьреи уи амшала Мрагыларатә Европа арегион аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьа аицәахареи иазааҭгылеит. Аҧыза-министр даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари ҕәҕәала Украина ишадгыло.