Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла аекономикатә азҳара арбага адунеиаҿ зеиҧшҟамлац ала идууп
Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла аекономикатә азҳара арбага адунеиаҿ зеиҧшҟамлац ала идууп

«Иҳаҩсыз амчыбжь азы аофициалла ицәырган аекономикатә азҳара арбагақәа, аҵыхәтәантәи  7 мза рыла 10,3% азҳара ҳамоуп. Ари арбага адунеиаҿ зеҧшҟамлац ала идууп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аекспорт азҳаит  40%-ла, аҧаратә аиагарақәагьы  46,8%-ла иазҳан,  300 миллион адоллар иаҟароуп.

„Ҳтәылауаа ирасҳәар сҭахуп иҳаҩсыз амчыбжь азы аофициалла ишцәыргаз аекономикатә азҳара арбагақәа, аҵыхәтәантәи  7 мза рыла 10,3% азҳара ҳамоуп. Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп,  ари арбага адунеиаҿ зеҧшҟамлац ала идууп. Шәара ибзианы ижәдыруеит Украина имҩҧаысуа аибашьра амшала Европа мацара акәымкәа, адунеи зехьынџьара апроблмақәа шырацәоу. Убри аамҭазы, ҳтәылаҿы ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара арбга ҳамоуп, ҳәарада, уи даараӡа ибзиоуп. Абрааҵәҟьа даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп аекспорт  40%-ла ишазҳаз, иара убас, ҳтәылауаа ирасҳәар сҭахуп, аҧаратә аиагарақәа 46.8 %-ла иазҳан, 300 миллион адоллар еиҳауп. Абизнессектор аҿгьы аикәшара иаҳа идухеит. Иара убас, актәи аквартал аҿгьы аҩбатәи аквартал аҿгьы аусурҭа зауз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ацлеит. Аҵыхәтәаны, иазгәасҭар сҭахуп ажьырныҳәа-рашәарамзазы абизнессектор аикәшара азҳаит 25%-ла, ҳәарада,  арҭ адыррақәа ҳреигәырҕьоит”,- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.