Иракли Ҕарибашвили - Михаил Саакашвили даанкылоуп
Иракли Ҕарибашвили - Михаил Саакашвили даанкылоуп

«Ажәлар идсырдырыр сҭахуп Қырҭтәыла ахҧатәи ахада, аҧшаараҿы иҟаз Михаил Саакашвили дшаанкылоу», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили абрифинг ҷыда аҿы.

«Ҳзинхьчаҩцәа аҧшаараҿы иҟаз Михаил Саакашвили иаанкыларазы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аоперациа ҷыда мҩаҧыргеит.  Азинхьчаратә органқәа Украинантә Қырҭтәыла ахырхарҭала Саакашвили иеиҭаҵра иазкны аинформациа наӡа рыман, ҳара ари апроцесс ҳахылаҧшуан», — иҳәеит Ҕарибашвили.