Иракли Ҕарибашвили Ҟазахстан аделегациа алахәылацәа дырҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Ҟазахстан аделегациа алахәылацәа дырҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ҟазахстан ахада ихаҭарнак ҷыда адәныҟатәи зҵаарақәа рзы Иержан Каизихани анапхгара ззиуа аделегациа алахәылацәа дырҧылеит.  Ари аты аанацит аыза-министр ипрессмазура.

Апрессмазура аинформациа ала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Ҟазахстани рпартниортә еизыҟазаашьақәа ирылацәажәан, ҳаҧхьаҟа аусеицуразы иҟоу аперспективақәа ирзаҭагылеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун ахәаахәҭра-економикатә усеицура, ари аконтекст аҿы иаҵшьны иазгәаҭан хара имгакәа Қарҭ имҩаҧысраны иҟоу Ҟазахстани Қырҭтәылеи реиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа 11-тәи аилатәара аҵакы. 

Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи, инеизакны кавказтәи арегиони атранзиттә потенциал хырҳагарала ахархәара аҵакы. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, ақырҭуа аган аҟазах инвесторцәа ирзыразуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа ақыҭанхамҩеи атранспорти аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара аперспективақәа ирылацәажәеит.