Иракли  Ҕарибашвили иҳәамҭала, аиҳабыра «Борџьоми» апроблема аус адырулоит
Иракли  Ҕарибашвили иҳәамҭала, аиҳабыра «Борџьоми» апроблема аус адырулоит

«Борџьоми» зтәу ахаҿы асанкциақәа изышьақәыргылоуп, ҳара ари азҵааразы активла аусура ҳаҿуп, иахьа адетальқәа рылацәажәара сҭахым, —  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли  Ҕарибашвили Қәҭешь ажурналистцәа данрацәажәоз.

«Ҳхықәкы хада  — излауа ала ҳтәыла аинтересқәа рыхьчароуп. Ахырхарҭақәа зегьы рыла, аенергетика, аекономика, уҳәа, зегьы дара роуп, ахырхарҭақәа зегьы рыла. Иаҳҳәап, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы  «Борџьоми» иадҳәалоу апроблема ҳазцәырҵит. Ишыжәдыруа ала, «Борџьоми» зтәу ахаҿы асанкциақәа изышьақәыргылоуп, ҳара ари азҵааразы активла аусура ҳаҿуп. Хара имгакәа ҳуааҧсыра ргәы иаахәаша аинформациа раҳҭоит.  Иахьа адетальқәа рылацәажәара сҭахым, аха, агәра шәсыргоит  — абарҭ азҵаарақәа  зегьы рыӡбаразы аусура ҳаҿуп, ҳтәылеи ҳуааҧсыреи ринтересқәа ҳахьчар ҳҭахуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.