Иракли Ҕарибашвили иахьа Бриуссельҟа ддәықәлоит
Иракли Ҕарибашвили иахьа Бриуссельҟа ддәықәлоит

«Иахьа Бриуссельҟа сдәықәлоит, уаҟа иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аиҧыларақәа мҩаҧызгоит. Ҳәарада, ихарҭәаау азҵаабҕьыцгьы ҳалацәажәоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли  Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, иара НАТО амаӡаныҟәгаҩ хадеи, Европатәи Ахеилак ахадеи, Европарламент ахадеи, егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи дырҧылоит.

«Ишыжәдыруа ала, ҳара азҵаабҕьыц заанаҵы ихарҭәааны ицәыраагеит. Ари апроцесс иалахәыз аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы, аминистрцәа, аиҳабыра, аусбарҭақәа, апарламент, рызынтәгьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, избанзар, азҵаабҕьыц иаамҭаны ихарҭәааны, Евроеидгыла азцәыргаразы  аџьабаа ду рбеит.  Абарҭ азҵаарақәа зегьы рзы Бриуссель иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аиҧыларақәа мҩаҧызгоит. Сара НАТО амаӡаныҟәгаҩ хадеи, Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишели, Европарламент ахадеи, егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи сырҧылоит.  Ҧыҭраамҭак ашьҭахь ажәлар алҵшәақәа рызцәыраагоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.