Иракли Ҕарибашвили – Ҳбџьармчқәа иаҳа рырҕәҕәара ҳалшоит
Иракли Ҕарибашвили – Ҳбџьармчқәа иаҳа рырҕәҕәара ҳалшоит

Ҳҭоурыхи аҧышәарақәа рыла иҭәу иахьатәи ҳҭагылазаашьеи иазҧхьагәаҭаны, ҳбџьармчқәа рырҕәҕәареи реиҭакра апроцесси наҳагӡароуп, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили   Атәылахьчаратә мчқәа рымш инамаданы Вазиани  IV ашьаҟатә бригада абазаҿы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Аҧыза-министр жәларбжьаратәи апартниорцәеи, Америкеи, НАТО иалоу атәылақәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит ақырҭуа ар арҕәҕәара иахьацхраауа азыҳәан.

«Еиқәыршәоу аплан инақәыршәаны, ҳара ҳбџьармчқәа  рыхиазаареи ахыхьчаралшареи иаҳа арҕәҕәара ҳалшоит. Иара убас, ҳҩызцәа, ҳпартниорцәа  — Америкеи, НАТО алахәылацәеи уҳәа, ҳбџьармчқәа рырҕәҕәара иацхраауа ҳҩызцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.

Иахьазы, Атәылахьчаратә мчқәа, Ауахәама инаваргыланы, Қырҭтәыла зегьы раасҭа ҳаҭыр зқәырҵо, ҳуааҧсыра зегьы реиҳа зыгәра рго  аинститутқәа иреиуп. Ҳәарада, абри зегьы шәара, ҳсолдаҭцәа  ишәыбзоуроуп.  Шәхы шәамеигӡакәа инашәыгӡо амаҵзуразы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит,  ақәҿиара дуқәеи зехьынџьара аиааиреи шәзеиҕьасшьоит. Анцәа дышәхылаҧшааит!», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.