Иракли Ҕарибашвили  Ҳавиер  Коломина диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили  Ҳавиер  Коломина диҧылеит

Евроатлантикатә интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла иҟоу апрогресси,  НАТОи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәеи  ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер Коломинеи реиҧылараҿы.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рпресс-маҵзура.

Иракли Ҕарибашвилии Ҳавиер  Коломинеи Қырҭтәыла ахыхьчаралшара аизырҳара иазку ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.  Хшыҩзышьҭра ҷыда азун НАТО астратегиатә концепциа ҿыц.  Ишазгәаҭаз ала ,  ари аконцепциа даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит НАТО Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло,  иара убас,  аконцепциаҿы иаҵшьын иазгәаҭоуп Аҩадаатлантикатә еидгылазы Амшын  еиқәа иамоу астратегиатә аҵакы ду.  Аҧыза-министр ишиҳәаз ала ,  Қырҭтәыла,  алианс азы зыгәра угаша апартниорцәа иреиуп,  азеиҧш евроатлантикатә шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы алагала ду ҟанаҵоит.  Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала ,  аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла,  евроатлантикатә интеграциа апроцес аҿы ақәҿиара дуқәа амоуп.