Иракли Ҕарибашвили Европа Аинвестициатә банк ахада Вернер Ҳоиер диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Европа Аинвестициатә банк ахада Вернер Ҳоиер диҧылеит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европа Аинвестициатә банк ахада Вернер Ҳоиер диҧылеит Миунхентәи Ашәарҭадара  аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аҧыза-министр  EIB ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит атәыла астратегиатә атранспорттә инфраструктура аҿиаразы Аинвестициатә банк Қырҭтәыла иазоунашьҭуа ацхырааразы, зыӡбахәы ҳәоу аинфраструктура аҵакы ду амоуп атәыла аконкуренциалшара аизырҳареи атранзиттә функциа арҕәҕәареи азыҳәан.

Аганқәа рхаҭарнакцәа аиҧылараҿы иазааҭгылеит хазхааҭалатәи асектор аҿиараҿы  EIB алахәызаарагьы, ари аганахьала ҷыдала иалкаан абизнес маҷи абжьаратә бизнеси аҿиара иазку апрограммақәеи, иара убас, атәыла адигитализациеи аенергетикеи ахырхарҭалагьы.