Иракли Ҕарибашвили Бриуссель Шарль Мишель диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Бриуссель Шарль Мишель диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аусуратә визитла Бриуссель дыҟоуп, уаҟа иара Евроеидгыла еиуеиҧшым аинститутқәа рнапхгаҩцәа рҟны зыҩаӡара ҳараку аиҧыларақәа мҩаҧигоит. 

Ҩымштәи авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧыза-министр Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель диҧылеит. Аиҧылараан ахадаратә ҵакы рыман Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭеи атәыла акандидат астатус анашьареи иазку азҵаарақәа. 

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа инарҭбааны иалацәажәеит Қырҭтәыла азыҳәамҭа ахәаҧшра апроцесс, Еврокомиссиа азҵаабҕьыцгьы налаҵаны, Қырҭтәыла азҵаабҕьыц аҩ-хәҭак аҿҳәаранӡа заанаҵы ихарҭәааны ицәырнагеит. Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Урыстәыла ала Украина ажәылара иахылҵыз арегион аҿы ашәараҭадара аҭагылазаашьа иазааҭгылеит, Қырҭәтыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьагьы налаҵаны. Аҧыза-министр даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари ҕәҕәала Украина ишадгыло. Иара ишиҳәаз ала, Украина аибашьра ахыркәшара адунеи зегьы азы, Қырҭтәылазгьы  аҵакы ду амоуп. 

Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аҿы хаҭала иара иҟаиҵо алагала ду азыҳәан.