Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ажәлар Аҧсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит.
Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, ақырҭуа бызшәа инаваргыланы, аҧсуа бызшәагьы Қырҭтәыла Аконституциала ихьчоуп, уи иаҳзеиҧшу ҳбызшәатә беиара иузалымхуа хәҭоуп.
«Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы, иаҳзеиҧшу абеиара – аҧсуа бызшәеи акультуреи ахьчареи аҿиареи иазҿлымҳау, уи азы аҭак зыҧхықәу ауааҧсыра зегьы Аҧсуа бызшәа амш рыдысныҳәалоит!
Ақырҭуа бызшәа инаваргыланы, аҧсуа бызшәагьы Қырҭтәыла Аконституциала ихьчоуп, уи иаҳзеиҧшу ҳбызшәатә беиара иузалымхуа хәҭоуп. Қырҭтәыла аиҳабыра аҧсуа бызшәа аҭҵаареи, аҿиареи, аӡыргареи иазку ашьаҿақәа рыҟаҵара нанагӡоит. Аҧсны ампыҵахалара аҭагылазаашьаҿы арҭ ашьаҿақәа аҵакы ҷыла ранашьоуп, избанзар, уаҟа имҩаҧысуа арусификациа апроцесс аҧсуа бызшәа ақәыӡӡаара ашәарҭара иҭанаргылоит.
Ҳареи аҧсуаа ҳаитәылауааи, ҳаидгыланы, ауникалтә аҧсуа бызшәа аиқәырхара рҽазаҳкроуп, аҿар абри абызшәа аҭҵаара иазҿлымҳахаратәы иҟаҳҵароуп, ҳаҧхьаҟа аҭынчреи агәреибагареи апроцессаҿы аҧсуа бызшәа ҳаимадарақәа рырҕәҕәареи алшара ҿыцқәеи абызшәас иҟалароуп.
Еицыҳахьчап аҧсуа бызшәа!», — иануп аҧыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.
https://www.facebook.com/GeorgianGovernment/posts/488098170017868