Иракли Ҕарибашвили – Атәылаҿы авакцина  2 миллион еиҳаны адозақәа иҟоуп, убри аҟынтә, атәыла аркра иахәҭам
Иракли Ҕарибашвили – Атәылаҿы авакцина  2 миллион еиҳаны адозақәа иҟоуп, убри аҟынтә, атәыла аркра иахәҭам

«Атәылаҿы авакцина  2 миллион еиҳаны адозақәа иҟоуп,  мызкы ашьҭахь 3 миллион еиҳаны иҳамазаауеит,  убри аҟынтә,  еиҭах атәыла аркра иахәҭам», —  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  10 шықәсатәи аҿиара аплан аӡыргараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала,  аиҳабыра аекономика ааныркылом,  избанзар уи ииашахом.

«Атәылаҿы авакцина  2 миллион еиҳаны адозақәа иҟоуп,  мызкы ашьҭахь 3 миллион еиҳаны иҳамазааауеит,  убри аҟынтә,  еиҭах атәыла аркра иахәҭам. Ҳара абри азҵаара иӡбаны иҳамоуп.  Аекономика аанаҳкылом.  Авакцинациа,  ишиашо,    ҳтәыла аекономикатә азҳара иадҳәалоуп.  Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы авакцинациа апроцесс аласра ацлеит. Иацы  20 000  алаҵақәа ҟаҵан,  аха уи иазхом,  ҳхықәкы наҳагӡар ҳҭахызар, есымша иаҳа ирацәаны алаҵақәа ҟаҳҵалароуп. Ҳара анеҩстәи  2-3 мза рыла 3 миллионҩык алаҵақәа рзыҟаҳҵароуп,  убри абзоурала,  аекономикатә азҳара аласра ҳахьчар ҳалшоит,  атәыла аркра ҳақәшәом», — иҳәеит Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  атәыла аркра ала авирус заҵадырхом,  авирус аҵархаразы мҩа заҵәык ауп иҟоу  — авакцинациа.

Аҧыза-министр даҽазнык ауааҧсыра дрыҳәеит алаҵақәа ҟарҵарц.