Иракли Ҕарибашвили апианист Леқсо Тораӡе ипанихида далахәит 
Иракли Ҕарибашвили апианист Леқсо Тораӡе ипанихида далахәит 

Аиҳабыра рнапхгаҩы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә консерваториаҿы дыҟан, уаҟа апианист ипанихида мҩаҧган.  

Леқсо Тораӡе 1983 шықәса инаркны Америка дынхон, уааҵәҟьа активла аус иуан. Иара ҳаамҭазтәи авиртуоз – пианистc дазхаҵан. Леқсо Тораӡе адунеи иреиҕьу адирижиорцәа аус рыциуан, Лондони, Чикагои, Зальцбурги, Единбурги, Ротердами, егьырҭ ақалақь дуқәеи рҿы еиуеиҧшым жәларбжьратәи фестивальқәа дрылахәын. 1991 шықәсазы амузыкант Сауҭ-Бендтәи ауниверситет апрофессорс дҟалеит, уааҵәҟьа ишьаҭаиркит афортепиано арҳәаратә студиа  – Toradze Piano Studio, уи ақәҿиара ду аман амузыкатә ааӡаратә центр ҳасабала. 

Апианист Леқсо Тораӡе, 69 шықәса дшырҭагылаз, лаҵара 11 рзы Америка дыҧсит.