Иракли Ҕарибашвили  Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанк  (EBRD) актәи авице-ахада диҧылеит  
Иракли Ҕарибашвили  Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанк  (EBRD) актәи авице-ахада диҧылеит  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанк  (EBRD) актәи авице-ахада Иурген Ригтеринк диҧылеит.  

Аиҧылараҿы  EBRD ацхыраарала Қырҭтәыла имҩаҧысуа, иара убас, имҩаҧыргараны иҟоу апроектқәа ирылацәажәеит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи рзы Европатәи Абанк авице-ахада ацхырааразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, EBRD иҳәаақәҵоу астратегиатә хырхарҭақәа ирыдгылоит, уи акрызҵазкәа ареформақәа рымҩаҧгара иацхраауеит. 

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, EBRD Қырҭтәыла имҩаҧысуа 287 проектқәа ирзоунашьҭит 5 миллиард евро. Абарҭ аинвестициақәа рҟынтә 82% хазхаҭалатәи асектор иалаҵоуп. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы EBRD авице-ахада изеиҭеиҳәеит Қырҭтәыла аекономикаҿы иҟоу атенденциақәа ирызкны. Ишазгәаҭаз ала, арегионаҿ аҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, Қырҭтәыла аекономикатә арбагақәа азҳара иаҿуп. 

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит атранспорти алогистикеи ахырхарҭала Қырҭтәыла имҩаҧысуа, иара убас, имҩаҧыргараны иҟоу аструктуратә реформақәеи аинвестициатә проект дуқәа рымҩаҧгашьеи. Лымкаала, Абжьаратә атранспорттә корридор апотенциали, Амшын еиқәа абаҕәазатә инфраструктура аҿиара иадҳәаланы Қырҭтәыла аиҳабыра ирымоу апланқәеи, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза ҿыци Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәазеи апроектқәеи.

Аганқәа рхаҭарнакцәа аенергетикатә шәарҭадара азҵаарақәеи ари аусхкы аҿы иҟоу аинвестициатә алшарақәеи ирзааҭгылеит. Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, Қырҭтәыла аенергетикатә потенциали зырҿыцра ҟало ахыҵхырҭақәа аусхкы аҧара алаҵара аҵаки иалацәажәеит.