Иракли Ҕарибашвили, адунеи алидерцәа рыгәҭа, Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ихы алаирхәоит
Иракли Ҕарибашвили, адунеи алидерцәа рыгәҭа, Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, жәабран 18-20 рзы Миунхен имҩаҧысуа Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ихы алаирхәоит. Ари атәы аарыцҳаит аԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, аконференциа аҽалархәра иадҳәаланы, Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ахантәаҩы Вольфганг Ишингер иҟынтә ааҧхьара иоуит.

Аконференциа аҳәаақәа ирҭанӡаны Қырҭтәыла аԥыза-министр зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа мҩаԥигоит.

Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа есышықәса, жәабран азы мҩаԥысуеит, уи рхы аладырхәоит  адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә 450 ҩык иреиҳаны аӡбарақәа здызкыло ачинҳаракҩцәеи атәылақәа рлидерцәеи, дара ашәарҭадара аполитикаҿы зегьы реиҳа зҵакы дуу азҵаарақәа ирылацәажәоит.

Қырҭтәыла аделегациа иалоуп Қырҭтәыла вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиании, Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи, Аиҳа́быра радминистрациа аиҳабы Илиа Дарчиашвилии.