Аҧыза-министр афранцыз еилахәыра  - „Airbus Helicopters” анагӡаратә директор диҧылеит 
Аҧыза-министр афранцыз еилахәыра  - „Airbus Helicopters” анагӡаратә директор диҧылеит 

 

Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили афранцыз еилахәыра „Airbus Helicopters” анагӡаратә директор Бруно Ивен диҧылеит. 

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит уажәазы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура, лымкаала, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, 3 агежьҧрыгак раахәара амзызла, афранцыз еилахәыра “Airbus Helicopters” аҟны аиқәшаҳаҭра аднакылеит. “H145” афунциарацәаратә агежьҧрыгоуп, уи аполитикатәи, атранспорттәи, аҧшааратәи, аиқәырхаратәи функциақәа рынагӡара алшоит.  Ишаҧу ала, агежьҧрыгақәа еибыҭазаауеит абылрацәыхьчаратәи ашьха-аҧшааратәи аибыҭарала. 

Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аинвестициатә алшарақәеи иманшәалоу абизнеслагылазаареи. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла – зыгәра угаша, иҭышәантәалоу абизнеспартниоруп. Апандемиаан атәыла аекономика азарал ду шаиузгьы, атәыла ирласӡаны ашьапы иқәгылан,  2021 шықәсазгьы  2022 шықәсазгьы  ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара иҟан.