Иракли Ҕарибашвили APM Terminals анапхгаҩы диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили APM Terminals анапхгаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили APM Terminals анапхгаҩы Роберт Маерск диҧылеит.

Давос имҩаԥгаз аиԥылараҿ ирыхәаԥшит Қырҭтәыла APM Terminals аусзуреи наҟ-наҟтәи аусеицура аперспективақәеи. Иракли Ӷарибашвилии Роберт Маерски Қырҭтәыла аилахәыра аусзура адинамика иахцәажәеит, иазааҭгылеит абжьаратә коридор ахадаратә ҵакы.

Даниатәи аилахәыра Maersk aгәыҧ – aмшынтә aиaгaрaқәеи aенергетикa aхaдaрaтә ҩ-хырхaрҭaки рылa aус зуa aилaхәырaқәa рaҳa aлa еиҿкaaуп. Maersk aгәыҧ aбизнес aхaдaрaтә 4 хырхaрҭaк aмоуп – Maersk aцәaҳәa, APM aтерминaл, Maersk aнефҭ, Maersk aкылҳaрaқәa.  Агәыҧ иaлоу aбaрҭ aилaхәырaқәa рҿы қьырaлa aус руеит 100 000-ҩык иреиҳаны aусуҩцәa, 2023 шықәсaзы, Forbes Global 2000 инақәыршәаны,  Møller-Maersk адунеи идуӡӡоу еилахәырақәа рыбжьара 174-тәи аҭыԥ ааннакылеит.