Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  атәыла ауааҧсыра Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит  
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  атәыла ауааҧсыра Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит  

Акыр иаҧсоу ҳтәылауаа, сҩызцәа,

Хара имгакәа  2023 шықәса хыркәшахоит.

Аиашаз, ари ашықәс ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ ақәҿиара ҷыдақәеи ҧхьаҟацареи ҳзаанагеит.

Адунеи зегьы ихьанҭаӡоу ауадаҩрақәа ирҭагылоуп, аха, убри аамҭазы, ҳара аҭынчра аиқәырхара ҳалшеит, ҳтәыла аҿиаразы зҵакы дуу ашьаҿақәа ҟаҳҵеит. Ҳажәлари ҳаиҳабыреи рҽазышәара ду абзаоурала, иахьа Қырҭтәыла, адунеи зехьынџьара, аекономикатә ҧхьаҟацареи адемократиа аҿиареи аганахьала иалкаау алидерцәа иреиуп, абри апроцесс қәҿиарала ахыркәшаразы, ҳусеицура ҕәҕәа алҵшәақәа рызхаҵара аҳасабала, аҭоурыхтә ҵакы змоу ахҭыс ҟалеит – Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьан. Ҳазхылҵыз ауаа дуқәа иззықәҧоз абри ақәҿиара ду абзоурала, ҳтәыла, иаҳа еиҕьу аҧеиҧш амазаауеит,                              Европа зхы иақәиҭу амилаҭқәа рҭаацәараҿы иахәҭоу аҭыҧ ааннакылоит.

 

Уажәы, Қырҭтәыла ахатә амилаҭтә хықәкы анагӡара абас ианазааигәаха, 2024 шықәса ҳаҧылоит зеиҧшҟамлац агәыҕрақәеи, ахықәкқәеи, аҳасабтәқәеи рыла;  ҳаҧхьаҟагьы абри ахықәкы анагӡаразы ҳхы ҳамеигӡакәа аусура ҳазыхиоуп, абри агәалаҟазаара ала Ашықәс ҿыц ҳаҧылоит.

Иахьа, аныҳәатә гәалаҟазаара зырхьанҭо ак иҟазар, уи Израили Украинеи имҩаҧысуа аибашьрақәа роуп. Аешьаратә ауриа жәлари аукраин жәлари иааиуа ашықәс азы аҭынчра ашьақәыргылара  рзеиҕьасшьоит.

Ишырҳәо еиҧш, ашықәсҿыцтәи аухаз ахықәкы ҿыц угәы иҭаукроуп, ҳара, хаҭала, егьа агәахәтәқәа ҳамазаргьы, агәра ганы сыҟоуп хәыҷгьы дугьы, ҳаруаа фырхацәагьы, ҳполициа аусзуҩцәеи, абылрацәахьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи, агәыҳалалра ду злоу ҳҳақьымцәеи амедперсонали, аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи аусхкқәа рхаҭарнакцәеи, ҳгәы зыздуу ҳспортсменцәеи, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи, аветеранцәеи, афермерцәеи, аргылаҩцәеи, аҳәаанырцә инхо ҳаитәылауааи, рызынтәгьы, раҧхьа иргыланы,  Қырҭтәыла ишазхәыцуа. Ҳара ҳазынтәгьы ҳаҧсадгьыл гәыкала бзиа абара ҳаиднакылоит, ҳара ҳамацара ҳакәымкәа – ҳазхылҵыз ауаа дуқәеи игыло абиҧарақәеи ҳаиднакылоит.

Аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи, ари адгьыл иқәынхо амилаҭқәеи, ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, аҿиара змоу, иаку, европатәи аҳәынҭқарра ҕәҕәа ҳаргылароуп, ари ахықәкы акзаара ҕәҕәа ашьаҭала инаҳагӡароуп, убри аҟынтә, шәара шәызынтәгьы ари апроцессаҿ ауникалтә роль нашәыгӡоит.

Акыр иаҧсоу аҩызцәа,

Гәыкала ишәыдысныҳәалоит иааиуа  2024 шықәса. Ҳаҧсадгьыл иаҳа ирацәаны ақәҿиарақәеи, аҕәҕәахареи, аидҵареи азеиҕьасшьоит, шәареи шәҭаацәарақәеи анасыҧи, агәабзиареи, аҭынчреи, мышхәыбзазареи шәзеиҕьасшьоит!

Анцәа даҳхылаҧшааит!