Иракли Ҕарибашвили - Абизнес азы аҭагылазаашьа аиӷьтәреи аенергетика ахырхарҭаҿ апроектқәа рынагӡара адгылареи роуп ихадоу ҳприоритетқәа ирылоу
Иракли Ҕарибашвили - Абизнес азы аҭагылазаашьа аиӷьтәреи аенергетика ахырхарҭаҿ апроектқәа рынагӡара адгылареи роуп ихадоу ҳприоритетқәа ирылоу

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили „Siemens Energy AG” ахадеи анагӡаратә директори Кристиан Брух диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа „Siemens Energy AG” Қырҭтәылаҿ зынагӡара иазҿлымҳахар ҟало аинвестициатә проектқәа ирылацәажәеит. Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла еиқәыршәоу иманшәалоу аинвестициатә лагылазаареи аенергетикатә проектқәа рынагӡара аганахьала иҟоу алшарақәеи.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, „Siemens Energy” ала атәылашҟа аинвестициақәа алагара дадгылоит. Иракли Ҕарибашвили аилахәыра ахада идигалеит „Siemens Energy” аделегациа Қырҭтәылаҟа раашьҭреи абизнес аҟаҵара аганахьала атәылаҿы иҟоу апотенциал аҭыҧаҿы аҭҵаареи.

“Siemens Energy” адунеи 90 ҳәынҭқарра рҿы аус ауеит, аилахәыраҿы аус руеит 90000-ҩык еиреҳаны ауааҧсыра.