Иракли Ҕарибашвили - 9 шықәса ҵит Европаҟны Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩижьҭеи
Иракли Ҕарибашвили - 9 шықәса ҵит Европаҟны Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩижьҭеи

9 шықәса ҵит Европаҟны Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩижьҭеи, иахьа аҭоурыхтә мшуп, Евроеидгылаҟны ареалтә интеграциазы ҳақәу амҩаҿ ихадароу етапуп, – иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара иабзоураны ақырҭуа ааглыхцәа раалыҵ Евроеидгыла аԥкрақәа рыла иалалоит.

„Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра абзоурала, ҳааглыхыҩцәа, изакәызаалак уадаҩрак рымамкәа, раалыҵ Евроеидгыла аџьармыкьашҟа анагара алшара роуит. Ахәаахәҭра аганахьала еиҧҟьарада аиҕьтәра иаҿу адинамика ҳуааҧсыра рмышхәыбзазара ианыҧшит.  Ҳтәылауаа рзы иара убас аҵакы ду амоуп ақырҭуа атәылауаҩшәҟәы ала Евроеидгыла ақәыҧшылараҿы аиҭаҵра алшарагьы, ари алшара роуит авизадатә режим иазку аиқәшаҳаҭра абзоурала.  Ҵыҧх, хәажәкыра 3 рзы, снапы аҵазҩит Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла азыҳәамҭа.  Ари апроцесс инагӡан Евроеидгыла ала Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьарала; ҳҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, Европа аргама аанацҳаит Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас ишыҟало.  Уаанӡа, акыраамҭатәи астагнациа анеҩс, 10 шықәса раасҭа иаҳа имаҷу аҿҳәарала иҳауз абарҭ аихьӡарақәа ҳаиҳабыреи ҳуааҧсыра реиҳареи рзеиҧш ҽазышәара иабзоуроуп”, – иҩит Ӷарибашвили.