Иракли Ҕарибашвили  -  2012 шықәсазы адемократиатә ҵысра алахәылацәа анеобольшевиктә режим аҟынтә атәыла ихақәиҭыртәит
Иракли Ҕарибашвили  -  2012 шықәсазы адемократиатә ҵысра алахәылацәа анеобольшевиктә режим аҟынтә атәыла ихақәиҭыртәит

 

Биӡина Иванишвили инапхгарала иалагаз адемократиатә ҵысра алахәылацәа 2012 шықәсазы анеобольшевиктә режим аҟынтә атәыла ихақәиҭыртәит, усҟан ҳара хықәкык акәын иҳамаз,  Аконституциа аҳәаақәа ирҭаҵыз аузурпатор азакәан аҳәаақәа рышҟа ирхынҳәра рҭахын, ақырҭуа жәлар абри ахықәкы қәҿиарала инарыгӡеит, —  иҳәеит аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла раҧхьатәи Аконституциа адкылара инаркны  100 шықәса аҵра инамаданы апарламент аҿы имҩаҧысуа аныҳәатә аилатәараҿы.

«Ҳара, ақырҭуа жәлар, абри Аконституциа ала, ахкырацәаратә адунеи аҿы ҳмилаҭтә ҷыдарақәа ҳәаақәызҵо, ахақәиҭреи адемократиеи аидеи, аҭаацәареи, ауахәамеи рышьаҭала иҿиаауа  акультуратә маркерқәеи, шьаҭанкылатәи апринципқәеи рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит.

Биӡина Иванишвили инапхгарала иалагаз адемократиатә ҵысра алахәылацәа 2012 шықәсазы анеобольшевиктә режим аҟынтә атәыла ихақәиҭыртәит, усҟан ҳара хықәкык акәын иҳамаз,  Аконституциа аҳәаақәа ирҭаҵыз аузурпатор азакәан аҳәаақәа рышҟа ирхынҳәра рҭахын, ақырҭуа жәлар абри ахықәкы қәҿиарала инарыгӡеит.  Уажәазы абри еиҧшҵәҟьа аҳасабтә ҳамоуп, ацәгьауратә мчқәа рхы шымҩаҧырго аабоит, дара алхрақәа рылҵшәақәа иазхарҵар рҭахым,  асаботаж иалагеит, абоикот аарыцҳаит,  азакәани аиашаӡбареи рықәныҟәара рҭахым.  9 шықәса раҧхьа еиҧшҵәҟьа, уажәгьы, абри амч аконституциатә аҳәаақәа ирҭыҵит. 21 ашәышықәсазтәи  «Шулавертәи акомитет»,  100 раҧхьа еиҧшҵәҟьа, иахьагьы атәыла аконституциа ладырҟәыр рҭахуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.