Амиграциатә Усбарҭа 88-ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа Қырҭтәыла иалнацеит
Амиграциатә Усбарҭа 88-ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа Қырҭтәыла иалнацеит

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амиграциатә усбарҭа аусзуҩцәа, аминистрра иазку аҟәшақәа ирыдгыланы, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны, 88ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа Қырҭтәылантәи идәықәырҵеит.

Амиграциатә усбарҭа имҩаԥнагаз акомплекстә усмҩаԥгатәқәа рыбзоурала, Ҭырқәтәыла, Туркменистан, Индиа, Нигериа, Пакистан, Урыстәыла, Азербаиџьан, Узбекистан, Ҟазахстан, Китаи, Бангладеш, Мысра, Иорданиа, Непал, Судан, Танзаниа уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи 88ҩык атәылауаа атәыла иалырцеит.

Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, ихырҵәаз ауааԥсыра атәыла аҭалара мап ацәыркит.

Абри атәы аанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.