Иракли  Ҕарибашвили -  2012 шықәса жьҭаара 1 инаркны ахҵәацәа ирзааҳхәеит, иара убас, ирзышьақәҳарҕәҕәеит  27 000 анхарҭақәа
Иракли  Ҕарибашвили -  2012 шықәса жьҭаара 1 инаркны ахҵәацәа ирзааҳхәеит, иара убас, ирзышьақәҳарҕәҕәеит  27 000 анхарҭақәа

«Аиҳабыра аӡбара рыдыркылан, ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу анхарҭатә копус ҿыц аргыларазы инырхит  37 миллион лари», —  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ҵҟалтубо даныҟаз, уаҟа  420 ихҵәоу аҭаацәрақәа ауада ҿыцқәа роуит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  арҭ ауаа, ицәгьоу аҭагылазаашьаҿы асанаториақәа рҿы инхон.

«Арҭ ауаа рынхашьа шыцәгьаз ҳгәалашәоит, ҳаиҳабыра рзы ари азҵаара аҧыжәара аман, ҳара арҭ ауаа, ахҵәацәа, анхарҭатә ҭагылазаашьа бзиа рзеиқәҳаршәеит. Ҳәарада, иахьа ирыдаҳныҳәалоит,  аха,   егьи аганахьала, дара Аҧсныҟагьы Цхинвалҟагьы ихынҳәырц ауп иаҳҭаху, абри ауп хықәкыс иҳамоу», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Ахҵәацәа,  кыршықәса рыҩнуҵҟа, Ҵҟалтубо, зҭагылазаашьа цәгьаз ахыбрақәа ирыҩнан. Анхарҭақәа рыла реиқәыршәаразы, аиҳабыра, ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу,  560 ҭаацәра рзы иазҧхьагәаҭоу  акорпус ҿыц дыргылеит.   2020 шықәсазы ахҵәацәа 140 анхарҭақәа рыҭан, уажәазы ауадақәа роуит  420 ҭаацәарақәа», — иҳәеит Ҕарибашвили.