Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан ахада  Илҳам Алиев диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика ахада Илҳам Алиев диҧылеит.

Азерабаиџьантәи ареспублика ахада Қырҭтәыла ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз ишиашо  аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Азербаиџьани реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи стратегиатә парниорреи.

Ишазгәаҭаз ала, ҩ-тәылак рыбжьара астратегиатә партниорра аҩаӡара ҳаракуп, активла аполитикатә диалог мҩаҧысуеит. Иаҵшьны иазгәаҭан ахәаахәҭра-економикатә хырхарҭала аинтенсивтә усеицура.  Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аекономикатә аҿиара еиқәнаршәоит. Аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани адәныҟатәи аполитика ахырхарҭалагьы, иара убас, уажәазы  иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы  қәҿиарала аус еицыруеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, аполитикеи, аекономикеи, акультуреи, егьырҭ аусхкқәеи рҿы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара иазыхиоуп.

Аиҧылараҿы иазаҭгылеит арегионаҿгьы адунеиаҿгьы ашәарҭадра аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа.