Илҳам  Алиев - Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан амҩангагала аекспорт азҳауеит, атерминал Бақәа-Суҧса ҳхы иаҳархәар ҳҭахуп
Илҳам  Алиев - Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан амҩангагала аекспорт азҳауеит, атерминал Бақәа-Суҧса ҳхы иаҳархәар ҳҭахуп

Азербаиџьантәи ареспублика ахада Илҳам Алиев ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аидараеикәшара азҳара деигәырҕьоит.

Иара иажәақәа рыла, Азербаиџьан  Қырҭтәыла иаланаҵеит 3 миллиард адоллар аинвестициа.

«Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аидараеикәшара азҳара ҳаигәырҕьоит, аҵыхәтәантәи жәымз рыла ҳтәылақәа рыбжьара аидараеикәшара миллиард адоллар еиҳахеит. Азербаиџьан Қырҭтәыла имаҷымкәа аинвестициақәа аланаҵеит, уи ҳусеицура аҿиара иацхраауеит. Азербаиџьан Қырҭәтыла иаланаҵеит 3 миллиард адоллар аинвестициа, агәра ганы ҳаҟоуп арҭ аинвестициақәа аҩ-ганкгьы хырҳагара ду шырзаанаго», — иҳәеит  Илҳам  Алиев.

Иара убас,  Алиев  аенергетикатә политикагьы дазааҭгылеит.

«Ҳара  2027 шықәсанӡа Европаҟа  20 миллиард акубометр аҧсабаратә газ амҩангара ҳгәы иҭоуп, уи еиҧш алшара ҳамоуп.  Ҳәарада, аҧыза-министри сареи ари азҵаарагьы ҳалацәажәеит. Ҳазлацәажәаша атема ҿыцқәагьы ҟалоит. Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан амҩангагала аекспорт азҳауеит, атерминал Бақәа-Суҧса ҳхы иаҳархәар ҳҭахуп. Уажәы уи аус шамуа здыруеит, абри аканалгьы аус аҳарур ҳҭахуп», — иҳәеит Илҳам Алиев.