Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәылатә аиустициа аминистр диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәылатә аиустициа аминистр диҧылеит

«Арегион аҿы иҟалаз ахҭысқәеи уажәтәи алабҿабареи иазҧхьагәаҭаны, агәыларатә тәылақәа рҟны қәҿиарала аусеицура ауп ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи, атәыла аҿиареи аиқәыршәаразы алшара заҵәыс иҟоу», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәылатә аиустициа аминистр  Абдулхамит Гиули даниҧылоз.

Иракли Ҕарибашвили  Абдулхамит  Гиули ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ҭырқәтәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иахьадгыло азыҳәан.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рстратегиатә партниорра иаҳа арҕәҕәара дазыхиоуп, иара иажәақәа рыла, аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп атәылақәа рыбжьара  аполитикатәи аекономикатәи  усеицура арҭбаара.