Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии иҧҳәыси ақырҭуа режиссиор Ҭемур Чхеиӡе ипанихидаҿы иҟан.
Аиҳабыра рнапхгаҩы арежиссиор ду иуацәеи иколлегацәеи дрыдашшылеит.
Ҭемур Чхеиӡе кыршықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәылагьы уи анҭыҵгьы қәҿиарала арежиссиорс аус иуан. 80 иреиҳаны адраматәи аоператәи ателееилахәыратәи спектакльқәа иқәиргылахьан, имаҷымкәа анашьамҭақәа иоухьан.
Ақырҭуа режиссиор Ҭемур Чхеиӡе 78 шықәса дшырҭагылаз рашәара 5 рзы иҧсҭазаара далҵит.