Иракли Ӷарибашвили Румыниаҟа ддәықәлеит, уа Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Венгриеи, Румыниеи, Урсула фон дер Лаиен лҽалархәрала, аенергетика ахырхарҭала астратегиатә усеицура иазку адокумент рнапы аҵарыҩуеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аусуратә визитла Румыниа ддәықәоеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Иракли Ӷарибашвили инапы ациҩуеит “Аенергетика иеҵәа аҿиареи аиҭныԥсахреи рхырхарҭала Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Венгриеи, Румыниеи астратегиатә русеицура иазку адокумент”.

Анапаҵаҩра ацеремониа рзы аладырхуеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени Румыниа ахада Клаус Вернер Иоҳанники.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили  “Аенергиа иаҵәа ахархәареи аҿиареи рус аҿы стратегиатә партниорра” ҳәа зыхьӡу апленартә сессиа ихы алаирхуеит.

Аԥызаминистр имҩаԥигоит зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа.

Румыниа идәықәлаз аделегациа иалоуп Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр Леван Давиҭашвили, Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa  рминистр Илиа Дарчиашвили,  Қырҭтәылa афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили, аиҳа́быра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе.