Иракли Ӷарибашвили Польшаҟа ддәықәлеит
Иракли Ӷарибашвили Польшаҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Польшатәи Ареспубликахь ддәықәлеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Ӷарибашвили адонорцәа жәларбжьаратәи рконференциа “Украиназы” ихы алаирхәоит. Аконференциа Польшеи Швециеи рԥыза-министрцәа Европа ахеилаки Еврокомиссиа ахадеи еицымҩаԥыргоит.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ихы алаирхәоит аконфенренциа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысран иҟоу агәыҳалалратә сессиа. Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили дызхагылоу Қырҭтәыла аделегациа далоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили..