Иракли Ӷарибашвили ишааицҳаз, азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа Евроеидгыла аҿҳәаранӡа рзырышьҭуеит
Иракли Ӷарибашвили ишааицҳаз, азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа Евроеидгыла аҿҳәаранӡа рзырышьҭуеит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Еврокомиссиантә ироуз азҵаабҕьыц актәи ахәҭазы аусура хдыркәшеит, Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы Карл Ҳарцель ихарҭәаау азҵаабҕьыц ихала ииҭоит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ари апроцесс иалахәыз аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауааҧсыреи ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

“Қырҭтәыла аиҳабыра Еврокомиссиантә ироуз азҵаабҕьыц актәи ахәҭазы аусура хдыркәшеит, Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы Карл Ҳарцель ихарҭәаау азҵаабҕьыц схала исҭоит,  ари апроцесс иалахәыз аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауааҧсыреи ҭабуп ҳәа расҳәоит азҵаабҕьыц ахарҭәааразы имҩаҧыргаз аусуразы”, – иҳәеит Ӷарбиашвили .

Аҧыза-министр ишааицҳаз, азҵаабҕьыц аҩбатәи, асектортә хәҭа ахарҭәааразы активла аусура иаҿуп, азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа Евроеидгыла аҿҳәаранӡа рзырышьҭуеит.