Иракли Ӷарибашвили - Ҳара даҽа альтернативак ҳамам, ақырҭуа жәлар Евроеидгыла алырхит, ахықәкы анагӡаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит
Иракли Ӷарибашвили - Ҳара даҽа альтернативак ҳамам, ақырҭуа жәлар Евроеидгыла алырхит, ахықәкы анагӡаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит

Ҳара даҽа альтернатива ҳамам, ақырҭуа жәлар Евроеидгыла алырхит, ахықәкы анагҿаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, – иҳәеит Қырттәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Давос, Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҿы данықәгылоз.

Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи ақырҭуа эәлари Евроеидгыла гәык ала азыҟоуп.

“Ааԥхьаразы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, Евроеидгыла ҳалалара азҵаара ахцәажәаразы алшара дууп. Апандемиа ашьҭахь раԥхьаӡа акәны ҳаизиеит, ари азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Қырттәыла Евроеидгылазы агәра зугаша илоиалу партниоруп, ари амҩа ҳажәлар алырхит, ари аҳабыра ралхра мацара акәӡам. Ҳареи Евроеидгылеи иаҳзеиԥшу апринципқәа, ахәынаӡарақәа ҳамоуп”, – иҳәеит Ӷарибашвили.

Аԥыза-министр Қырҭтәыла аихьӡарақәагьы дрыхцәажәеит.

Ишыжәдыруа ала, 2014 шықәсазы ҳара Асоциациа иазку аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩит. Уи Евроеидгыла алаларазы адокумент хадоуп, амҩақәҵагоуп. Убри аамышьҭахь Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иаку аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, авизадатә режим асахьала, алҵшәа бзиа ҳауит,  уи Қырҭтәыла атәылауаа рзы уи аҵакы ду амоуп. Уажәааны евроеидгыла алаларазы аофициалла зыҳәамҭа ҟаҳҵеит. иазгәасҭар сҭахуп излауа ала ирласны Евроеидгыла азааигәахареи алалареи шаҳҭаху, избанзар, ҳара даҽа альтернативак ҳамам. Ишысҳаз еиҧш, ақырҭуа жәлар роуп ари аӡбара здызкылаз, ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит излауа ала ирласны Евроеидгыла азааигәахареи алалареи азыҳәан“, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.