Иракли Ӷарибашвили - Еврокомисиа Евроеидгыла ахеилак арекомендациа анаҭеитт Қырҭтәыла аперспектива анашьареи евроеидгыла алалареи рганахьала, ари аҭоурыхтә аӡбароуп
Иракли Ӷарибашвили - Еврокомисиа Евроеидгыла ахеилак арекомендациа анаҭеитт Қырҭтәыла аперспектива анашьареи евроеидгыла алалареи рганахьала, ари аҭоурыхтә аӡбароуп

Абри еиԥш анҵамҭа раԥхьаӡа акәны иҟаҵоуп – Еврокомисиа Евроеидгыла ахеилак арекомендациа анаҭеитт Қырҭтәыла аперспектива анашьареи евроеидгыла алалареи рганахьала, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аиҳабыра иахьатәи аилатәара ианалага.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, ари аҭоурыхтә аӡбамҭоуп.

Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, ахеилак арекомендациақәа анышьақәнарӷәӷәо ашьҭахь, Қырҭтәыла ари ахырхарҭала Бриуссель аҟны аусеицура алагоит.

“Арекомендациақәа срыхцәажәар сҭахуп. Урҭ реиҳара иҳамаз амш аусхәаԥштә иалан. Ҳтәылауаа ирдыруазар сҭахуп, арҭ абжьагарақәа реиҳара уезгьы ҳусхәаҧштә аҿы иарбан, аха, егьырҭ азҵарақәагьы иҟоуп, ҳәарада, ҳара Бруссель аҟны ари азҵаарақәа рзы аусеицура ҳалагоит, Қырҭтәыла хымҧада акандидат астатус аиуеит. Ҳтәылауаа реиҳара зҵаарақәак шрымоу здыруеит, убри аҟынтә, аилыркаарақәа рысҭар сҭахуп Молдовеи Украинеи иаҳа аҧыжәара зрырҭаз азы. Ҳтәылауаа ирдыруазар сҭахуп; аперспектива иадҳәаланы Молдовеи Украинеи ирзыҟарҵаз анҵамҭақәа еиҧшуп, ҽакала иаҳҳәозар, дара рзгьы Еврокомиссиа Ахеилак иабжьанагоит астатуси, аперспективеи, еиҭах астатуси ранаршьарц. Реалра иуҳәозар, астатус, аванс ҳасабала ирырҭоит. Уи, аибашьра цәгьа иҭагыло Украинеи иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы иҟоу Молдовеи гәызҭаҵагас ирзыҟалаша авансуп. Аамҭакала, дара рҟынтәгьы иаҳәоит имаҷымкәа ареформақәа рымҩаҧгара. Ҳара ҽакала иҳазныҟәеит, зны, ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа зегьы наҳагӡароуп, ареформақәа зегьы мҩаҧаагароуп, анеҩс астатус ҳанаршьоит.Ҳара ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит Украина арыцҳара ишҭагыло. Атәыла аҵакырадгьыл 20% рцәыӡхьеит, аибашьра инагӡоит. Молдовагьы аҭагылазаашьа цәгьоуп, зыӡбахәы ҳәоу аибашьра амшала аӡәы азарал иоузар, раҧхьа иргыланы, уи Молдовоуп, ари атәыла Украина иаҧнуп, ахҵәацәа рацәа уахь идәықәлеит, аекономикеи ашәарҭадареи аганахьала Молдова аҭагылазаашьа еицәахеит. Ишәгәалашәозар ҟалап, иҳаҩсыз амчыбжь азы сара аргама исҳәеит, европатәи ҳколлегацәагьы исарҳәеит, саргьы аргама аасыцҳаит Украина астатус шанаршьо ари атәылаҿ аибашьра ахьымҩаҧысуа аҟынтә. Мышқәак раҧхьа европатәи алидерцәа аргама ишьақәдырҕәҕәеит ари аӡбара шрыдыркылаз Украина аибашьра ахьымҩаҧысуа аҟынтә, сара санрацәажәозгьы иаартны исарҳәеит Молдовагьы даараӡа ҭагылазаашьа шыцәгьоу”, – иҳәеит Ӷарибашвили.