Индонезиа атропикатә циклон амшала аҭыҧантәи анапхгара миллионҩык ауааҧсыра аевакуациа рзыруит
Индонезиа аҟәаратә ақалақь Пури атропикатә циклон „Фан” иахыҵәеит.
Аҧша аласра 240 км./сааҭ иаҟаран, уи амч аҧшатлакә 5тәи акатегориа иаҵанакуеит. Ациклон атәыла агәахьы аиҭаҵра иаҿуп.
Ашәарҭадара ахьчара амзызла, аҭыҧантәи анапхгара миллионҩык ауааҧсыра аевакуациа рзыруит. Иҭахази аахақәа заузи ирызкны макьана аинформациа иҟам.